АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 13 Цәыббра 2024

Aсабша, 14 Цәыббра 2024 00:08

Амшеикәшара 13.09.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иара аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны зыҧсадгьыл ахьчаразы игылаз дыруаӡәкын. Адамыр ицеибашьуаз ражәақәа рыла, иара аԥшыхәра даара дазҟазан, агәымшәара адагьы астратегиатә хәыцшьа иман.Аибашьра аветеран Адамыр Бганба игәалашәара иазкуп анаҩстәи анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхәаша, 13 Цәыббра 2024 23:59

Омар Џьынџьал изку аочерк

Ихы аӡыргара дашьҭам, иҟасҵаз аӡәы ибандаз ҳәа дхәыцуам . Акамерахь ацәажәарагьы мап ацәикит . Аха аиҩызара аныҟәгашьа иақәшәо , иҩызцәа ирҳәаша рымоуп . Иџьабаа ыҟоуп . Хынҩажәа шықәса ихыҵит Аҧсны Жәлар реизара афбатәи ааҧхьара адепутат,ауаажәларратә усзуҩы , ауаажәларратә палата алахәыла Омар Џьынџьал. Шьазина Ханагәуаҧҳа дрыҿцәажәеит аиубилиар иҩызцәа . Шәахәаҧш анҵамҭа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи азы имҩаҧгаз аныҳәа ихы алаирхәит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Аҧсны ахадеи, Гәдоуҭа араион анапхгареи, жәлар реизара адепутатцәеи, аиҳабыра рхаҭарнакцәеи, ауаажәларреи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьреи, аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡеи раан иҭахаз Мҵара иалҵыз рбаҟа амҵан. Анаҩс Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа даҭааит Аҧсны инхо аерманцәа рдиаспора рхарџь ала еиҭашьақәыргылаз Мҵаратәи ашкол. Аслан Бжьаниа ақыҭа ауааҧсыра ирыдиныҳәалеит рқыҭа ашьақәгылара амш.Аусмҩаҧгатә иалахәын ҳҭыхратә гәыҧгьы.Шәахәаҧш анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Ахада, ҳтәыла Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа иханатәаҩрала имҩаҧысит Атәылахьчара аминистрра аусбарҭеи аштаб хадеи рнапхгаратә еилазаара реизара. Уи аҟны ҩнызқьи ҩажәи ҧшьбатәи ашықәсазтәи русуреи арра-политикатә ҭагылазаашьеи ирзааҭгылеит.Афицарцәа ргәаанагарақәа еибырҳәеит аҧсуа-аурыс еизыҟазашьақәа ирыдҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьазы . Аилатәара иалахәын Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиа, ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы Рауль Лолуа, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхәаша, 13 Цәыббра 2024 05:22

Амшеикәшара 12.09.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Цәыббра 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30