АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхәаша, 13 Цәыббра 2024 23:55

Аҧсны Ахада далахәын атәылахьчара аминистрра аусбарҭеи аштаб хадеи рнапхгаратә еилазаара реилатәара

Аҧсны Ахада, ҳтәыла Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа иханатәаҩрала имҩаҧысит Атәылахьчара аминистрра аусбарҭеи аштаб хадеи рнапхгаратә еилазаара реизара. Уи аҟны ҩнызқьи ҩажәи ҧшьбатәи ашықәсазтәи русуреи арра-политикатә ҭагылазаашьеи ирзааҭгылеит.Афицарцәа ргәаанагарақәа еибырҳәеит аҧсуа-аурыс еизыҟазашьақәа ирыдҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьазы . Аилатәара иалахәын Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиа, ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы Рауль Лолуа, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

 

Media

Архив новостей

« Цәыббра 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30