АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхәаша, 13 Цәыббра 2024 23:57

Аҧсны раҧхьатәи аерманцәа рқыҭа Мҵара 145 шықәса ахыҵит

Уи азы имҩаҧгаз аныҳәа ихы алаирхәит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Аҧсны ахадеи, Гәдоуҭа араион анапхгареи, жәлар реизара адепутатцәеи, аиҳабыра рхаҭарнакцәеи, ауаажәларреи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьреи, аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡеи раан иҭахаз Мҵара иалҵыз рбаҟа амҵан. Анаҩс Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа даҭааит Аҧсны инхо аерманцәа рдиаспора рхарџь ала еиҭашьақәыргылаз Мҵаратәи ашкол. Аслан Бжьаниа ақыҭа ауааҧсыра ирыдиныҳәалеит рқыҭа ашьақәгылара амш.Аусмҩаҧгатә иалахәын ҳҭыхратә гәыҧгьы.Шәахәаҧш анҵамҭа.

 

Media

Архив новостей

« Цәыббра 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30