АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхаша, 25 Цәыббра 2024 21:50

Ҷлоу ақыҭа амҩақәа руак ихьӡ ахырҵеит Ҟарачы- Черкестәылантәи хатәгәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз М.Куџев

Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа амҩақәа руак ихьӡ ахырҵеит Ҟарачы- Черкестәылантәи хатәгәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз Мураҭ Куџев. Жәибыжь шықәса зхыҵуаз арҧыс Аҧсныҟа дааит аибашьра ианалага, иан ашәҟәы ҩны илзынижьеит. Усқәак иманы џьара дышцо, хьаас длымкырц хҧа- ҧшьба мшы дшыҟамло ала. Куџев Гәымсҭатәи афронт аҟны деибашьуан, дҭахеит ҧхынгәы ҧшьба, зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса рзы. Ианашьан "Агәымшәаразы " амедал.

 
Last modified on Aхаша, 25 Цәыббра 2024 21:51

Media

Архив новостей

« Ажьырныҳәа 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29 30 31