Адырраҭарақəа

Амчыбжь 01.09.2024

00:13 Амҩаҧгаҩ: Сима Аргәынҧҳа

01:02 Амчыбжь шышақәгылаз. Ахҭыс хадақәа рыхҳәаа ааркьаҿны.

06:52 Акырпыжәқәеи ашьынкақәеи ирылоу анитратқәа анорма иахысуама, изеиҧшроузеи рхаҭабзиара ҳџьармыкьаҿы ирҭиуа акәац лыхқәеи егьырҭ аалыҵқәеи? Уи атәы ҳанҵамҭа ҷыдаҿы.

13:13 Ҩ-жәларык еицырзеиҧшу аныҳәа -Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи рхьыҧшымрақәа разхаҵара амш. Иара усгьы еизааигәаз аиашьаратә жәларқәа нанҳәамза ҩажәи фба иҵегьы еиднакылеит. Ауаҧсаа рныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ирылахәын Аҧснытәи аделегациа.

 

Media

Иҵегь ари акатегориаҟны « Амчыбжь 25.08.2024 Амчыбжь15.09.2024 »