АЖӘАБЖЬҚӘА

* Хәажәкыр 2026

Aхәаша, 20 Хәажәкыр 2026 09:13

Амшеикәшара 19.03.2026

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхәаша, 20 Хәажәкыр 2026 09:05

Згәы бзиоу абиҧара

"Згәыбзиоу абиҧара",- абас ахьӡуп Агәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Агәабзиарахьчара аминистрреи еицымҩаҧырго апроект. Уи абзоурала, Аҧсныҟа ааҧхьара рырҭоит зыквалификациа ҳараку Урыстәылеи Ермантәылеи рҟынтә аҳақьымцәа. Ари апроект аусауанаҵы , убас зылшарақәа ҧку 200-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәаацхыраара рырҭахьеит, аҧҟара иахыжьуп 36-ҩык. Аҽшҧеиҭанаки зхала анеиааира злымшоз ахәыҷқәа рыҧсҭазаара амедицинатә цхыраара анрырҭа ашьҭахь. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 19 Хәажәкыр 2026 09:48

Уарада. Саида Хаџьымҧҳа

Икьыԥхьуп Уарада
Aҧшьаша, 19 Хәажәкыр 2026 09:23

Амшеикәшара 18.03.2026

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аветеран тәанчара дшыҟоугьы, активла дрылахәуп ауаажәларратә процессқәа. Иҧсҭазаара зегьы аҳәынҭқарра амаҵ аура иазикит.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи азкын агеографиа амаҭәар. Иҳәатәуп,ишҭыжьу ари амаҭәар ала арҵагатә шәҟәы ҿыц. Афбатәи абжьаратә школ аҿы имҩаҧысыз аицлабра далахәын Аҧсны аҵара аминистр Хана Гәынҧҳа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи азырхоуп абжьыҭараан асиақәа рҿы агхақәа реиҵатәра, алхратә процесс еилыхха амҩаҧгара. Алхратә ценз ашьҭыхразы азакәан аҧсахрақәа алагалараәзы актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит. Аҧсахрақәа алагалахап- Аҧсны ахадарахьы акандидат 45 шықәса ихыҵуазароуп, адепутатрахь - 33 шықәса. Иара убасгьы, анаҩстәи аиҭакра ҟалар алшоит : уаанӡа 65 шықәса ирхыҧаз акандидат ддепутатхар ҟалаӡомызт, аха аиҭакрақәа алагалахар, ддепутатхар ауеит 65 шықәса ирхысызгьы. Абарҭи егьырҭ акрызҵазкуа азакәанқәеи имҩаҧысыз Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҟны.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иәдыру еиҧш, ари ашықәс ақыҭа иашықәсны ирылаҳәоуп. Анхамҩақәа рырҿиаразы еиуеиҧшым  аусмҩаҧгатәқәа  рыдыркылоит аиҳабыра. Убас, Гәдоуҭа имҩаҧысит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи араион ақыҭақәа рхадацәеи реиҧылара.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа изаамҭанытәиу аилатәара мҩаҧысит. Аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, иҿыцны аӡбаҩцәа алхын. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Хщажщкырамза алагамҭазы, Аҟәа,амшын аҧшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгараан иаарҧшын актәи аҧшьбатәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа артефакт ҿыцқәа. Урҭ ашьаҟауаа рымҩа иаҵаҵәахын. Иахьа иқәгылеит азҵаара, ари акультуратә ҭынха иазухои ҳәа?   Чыдала абри иазкын Аҟәа ақалақьахадареи, археологцәеи , аҭоурыхҭҵааҩцәеи алархәны Жәлар Реизараҿы имҩаҧысыз аилацәажәара.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Хәажәкыр 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30 31