* Aхәаша, 13 Хәажәкыр 2026
Еицырдыруа алафҳәаҩ ду Гьаргь Габечиа илаф жәабжьқәа зегьы шәҟәык аҟны еизганы апрезентациа мҩаҧган
Аҧсуаҭҵааратә институт ацхыраарала, иара убасгьы Леонид Саманба иҟаиҵаз аус ду абзоурала, еицырдыруа алафаҳәаҩ ду ГьаргьГабечиа илаф жәабжьқәа зегьы еизган шәҟәык аҟны. Ашәҟәыапрезинтациа мҩаҧысит аинститут аҟны, уи иаҭааит алафҳәаҩ иуацәа,иҭынхацәа, аинститут аҵарауаа.
Апоет Таиф Аџьба игәалашәаратә мшы иазкны Аҧсны Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧган аспектакль
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат,апоет Таиф Аџьба игәалашәаратә мшы иазкны Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧган аспектакль.
«Аиҿцәажәара. Аиқәшәара. Аҿиара»,- абас ахьӡуп Аҧсны ауаажәларратә палата еиҿнакааз аграждантә форум
Имҩаҧысит Аҟәа Аминистцәа Реилазаара ахыбраҿы.Ари раҧхьатәи форумуп. Иара адемографиа, аекономикатә ҿиара, аконституциа азинтә еиҭакрақәа рзура уҳәа ҳҳәынҭқарраҿы апроблема хадақәа рызкуп. Афорум далахәын Аҧсны Ахада Бадра Гәынба. Иара иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, ишьҭыху азҵаарақәеи, иҟаҵоу абжьгарақәеи атәыла анапхгареи егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рҿы ахархәара шаҭахо.