* Aхаша, 11 Хәажәкыр 2026
Аҳәса рымш азы аҳамҭа
Аҧсныараионқәа зегьы рҟынтәи 80-ҩык арҵаҩцәеи ахәҷбаҳчақәа рааӡаҩцәеи ирыман алшара Аҳәса рымш аҽны ибзиан аамҭа рхыргарц,рыҧсы ршьарц Очамчыра агәаны игылоу асасааирҭа "Черноморская жемчужина" аҟны. Ари аҩыза аҳамҭа рзыҟаҵан асоциалтә ҧгаҧсеи аџьа ахьчареи рфонди иара асасааирҭа анапхгареи рыбзоурала. Шәахәаҧш анаҩстәи анҵамҭа.
Сынтәа ииубилеи азгәеиҭоит азиндырҩы Владимир Ҳараниа
Уи изхыҵуеит 80 шықәса. Владимир Ҳараниа икалам иҵыҵхьеит акымкәа аҧсышәала иҩу азиндырратә шәыҟәқәа: "Аҧсны аҳәынҭқарра аҭаацәаратә закуанеидкыла", "Ашьаустә закуанеидкыла", "Ахьышьҭра мҩла" уҳәа убас егьырҭгьы. Владимир Ҳараниа ииубилеитә рыцхә инамаданы, Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы ишәҟәқәа ӡырган.
Ҳтәыла аҩныҵҟа абылтәы ҭаҭәарҭақәа рҿы ахәҧса шкаҳаз иааубаратәы иҟоуп
Аҵыхәтәантәи жәамш ирылагӡан, ҳтәыла аҩныҵҟа абылтәы ҭаҭәарҭақәа рҿы ахәҧса шкаҳаз иааубаратәы иҟоуп. Уи адагьы, абылтәы азымхара азҵаара аҧыхуп,иҳатәуп уи зегь шалыршахаз Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Москва усутә ныҟәарала даныҟаз имҩаҧигаз аиҧыларақәа ирыбзоураны. Ажәабжьиацылҵоит Фатима Гьергьиаҧҳа.