* Aхаша, 18 Хәажәкыр 2026
Aхаша, 18 Хәажәкыр 2026 22:04
Гәдоуҭа имҩаҧысит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи араион ақыҭақәа рхадацәеи реиҧылара
Иәдыру еиҧш, ари ашықәс ақыҭа иашықәсны ирылаҳәоуп. Анхамҩақәа рырҿиаразы еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рыдыркылоит аиҳабыра. Убас, Гәдоуҭа имҩаҧысит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи араион ақыҭақәа рхадацәеи реиҧылара.
Икьыԥхьуп
НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 18 Хәажәкыр 2026 22:01
Аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа изаамҭанытәиу аилатәара мҩаҧысит
Аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа изаамҭанытәиу аилатәара мҩаҧысит. Аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, иҿыцны аӡбаҩцәа алхын. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Икьыԥхьуп
НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 18 Хәажәкыр 2026 21:53
Аҟәа амшын аҧшаҳәаҿы иаарҧшын актәи-аҧшьбатәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа артефакт ҿыцқәа
Хщажщкырамза алагамҭазы, Аҟәа,амшын аҧшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгараан иаарҧшын актәи аҧшьбатәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа артефакт ҿыцқәа. Урҭ ашьаҟауаа рымҩа иаҵаҵәахын. Иахьа иқәгылеит азҵаара, ари акультуратә ҭынха иазухои ҳәа? Чыдала абри иазкын Аҟәа ақалақьахадареи, археологцәеи , аҭоурыхҭҵааҩцәеи алархәны Жәлар Реизараҿы имҩаҧысыз аилацәажәара.
Икьыԥхьуп
НОВОСТИ - АГТРК