* Aхаша, 25 Хәажәкыр 2026
Имҩаҧысит «Аҧсны атуристтә хырхарҭа - ауадаҩрақәа рҟынтәи алҵшәақәа рахь» захьӡыз астол гьежь
Аусмҩаҧгатә еиҿкааҩцәас иамоуп Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада инапы аҵаҟа иҟоу аҵарауаа ҿарацәа рхеилак .Аиҧылараҿы тема хаданы иқәгылан атуризм. Имҩаҧган Аҧсны Ахада Иусбарҭа ацхыраарала. Уи иалахәын атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Вараздаҭ Миносиан, Аҧсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Баҭал Аиба.
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны акурс ҷыда алекциақәа дрыҧхьоит аҵарауаҩ Олег Дамениа
"Акультура афилософиа"- абас ахьӡуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет аҿы аспирантцәеи,аҵарауаа қәыҧшцәеи ,амагистрцәеи , арҵаҩцәеи рзы зымҩаҧгара азгәаҭоу иаарту акурс ҷыда. Уи азы аунивирситет аректор иҟаиҵаз ааҧхьарала, алекциақәа дрыҧхьоит аҵарауаҩ, асоциал0-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы ОлегДамениа. Акурсқәа еихшоуп жәа-хәҭакны.
Акапиталтә ремонт азуны, ахархәарахь ирыҭоуп Кәтол ақыҭа ахадара ахыбра
Аҳабла ҿыц аҟны афымца ҧхьаӡагақәа аиланхарҭа ҭыҧқәа рҟны рықәыргыларазы аусурақәа цоит
Ҳаамҭа иақәшәо амыругақәа рышьақәыргылара акырӡа иарманшәалоит ауааҧсыра инырхыз афымца иахыршәаауа ашәахтә аилкааразы. Ахәҧса ашәараҿгьы алҵшәа бзиақәа аанашьҭуа иалагеит. Шықәсқәак раҧхьа афымцалашара ахә ахызшәаауа 37 %ыҟазҭгьы, уажәы 54 % рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит апоет, апублицист, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа
Аҟәа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит апоет, апублицист, аҵарауаҩ, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ Владимир Занҭариа. Наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц инеит Аҧсны ахада Бадра Гәынба, ҳтәыла анапхгара, аҭҵаарадырратә интиллигенциа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Афилологиатә наукақәа рдоктор, Гәлиа ихьӡ зхыу аҳәынҭҭкарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-аҧша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Владимир Занҭариа ихыҵуан 32 шықәса.