

Уи ахыҵхыраҿы дгылан Алексеи Чычба, анаҩс еиҵагылеит аҧхьаҟа еицырдыруа иҟалаз Ражден Гәымба, Иван Кортуа, Уасил Царгәыш, Кәасҭа Ченгелиа, Оҭар Хәынҵариа уҳәа аӡәырҩы. Аҧсуа композиторцәа рлагала дуун ҳкультура ашьақәыргылараҿы. Ирацәаҩума иахьа анотақәа аҧызҵо, аҿар рҽадрыҧхьалоума акомпозиторра. Атема ҭылҵаауан Фатима Гьергьиаҧҳа.
Аҧсны Жәлар Реизара адепутат Леонид Лакербаиа иааиуа алхрақәа ихы рылаирхәӡом. Убри атәы иҳәеит апартиа "Аиҭаира" аполитикатә хеидкыла аилатәараҿы. Убри аан, апартиа адгылара рынаҭоит иаҧсоуп ҳәа ирыҧхьаӡо акандидатцәа. Убасгьы, аилацәажәараҿы иалацәажәон Ахьӡ-аҧша апарк аҿы, хатәгәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз рзы абаҟа аартра. Ажәабжьиацылҵоит Есма Џьыкырҧҳа.
Гал араион иаҵанакуа ашколқәа рҟны аҧсуа бызшәа амаҭәарқәа зҭиуа арҵаҩцәа рзы иаадыртит аҧышәеизырҳара акурсқәа. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет аҧсуабызшәа акафедра арҵаҩцәа, абызшәадырыҩцәа имҩаҧыргоит иаҧсыуам ашколқәа рҟны аусзуа арҵаҩцәа рзын алекциақәа.
Иҳаҩсыз ашықәс ареспубликатә биуџьет анагӡашьазы аҳасабырба шьақәырӷәӷәан. 2025 шықәсазы Аҧсны абиуџьет 2024 шықәса иаҿырҧшны уахәаҧшуазар, ахашәала ф-миллиард мааҭ рыла еизырҳан. Ахашәала 21 миллиарди 700 миллион мааҭ ыҟоуп. Уи иалҵшәоуп Урыстәылатәи афинанстә цхыраара амҽхак ахьеизҳаз. Аҳәынҭқарратә биуџьет акәзар, 13 миллиарди 300 миллион мааҭ ыҟоуп. Уи иарбаз арбагақәа раасҭа 104процент рыла еизҳаит. Ирылацәажәан иара убас егьырҭазҵаарақәа жәпакы. АжәабжьиацылҵоитШьазина Ханагәуаҧҳа.