* Aҧшьаша, 19 Хәажәкыр 2026
Хынҩажәи жәохә шықәса ихыҵит Аҧсны Афырхаҵа Оҭар Кача-иҧа Ломиа
Аветеран тәанчара дшыҟоугьы, активла дрылахәуп ауаажәларратә процессқәа. Иҧсҭазаара зегьы аҳәынҭқарра амаҵ аура иазикит.
«Ахсаалаҿы акәаҧ гәадуроуп»,- ҳәа захьӡу Аҟәа ашколқәа рыбжьара аицлабра мҩаҧган
Уи азкын агеографиа амаҭәар. Иҳәатәуп,ишҭыжьу ари амаҭәар ала арҵагатә шәҟәы ҿыц. Афбатәи абжьаратә школ аҿы имҩаҧысыз аицлабра далахәын Аҧсны аҵара аминистр Хана Гәынҧҳа.
Адепутатцәа ралхразы Аконституциатә закәан аҧсахрақәа алагаланы ирыдыркылеит
Уи азырхоуп абжьыҭараан асиақәа рҿы агхақәа реиҵатәра, алхратә процесс еилыхха амҩаҧгара. Алхратә ценз ашьҭыхразы азакәан аҧсахрақәа алагалараәзы актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит. Аҧсахрақәа алагалахап- Аҧсны ахадарахьы акандидат 45 шықәса ихыҵуазароуп, адепутатрахь - 33 шықәса. Иара убасгьы, анаҩстәи аиҭакра ҟалар алшоит : уаанӡа 65 шықәса ирхыҧаз акандидат ддепутатхар ҟалаӡомызт, аха аиҭакрақәа алагалахар, ддепутатхар ауеит 65 шықәса ирхысызгьы. Абарҭи егьырҭ акрызҵазкуа азакәанқәеи имҩаҧысыз Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҟны.