АЖӘАБЖЬҚӘА

* Хәажәкыр 2026

Есышықәса, хәажәкыра ҧшьба рзы Сергеи Уасил-иҧаанышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭа иаҭаауеит хыҧхьаӡара рацәала атәыла ауааҧсыра. Сергеи Уасил-иҧа игәалашәара аҿаҧхьа ихырхәеит аҳәынҭҭкарра Ахада Бадра Гәынба, ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, Аҧыза-министр Владимир Делба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, ауаажәларра ашколхәыҷқәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Хәажәкырамза ҧшьба ҳҳәынҭқарразы акрызҵазкуа ҭоурыхтә рыцхәуп. Ҩ-нызқьи жәа-шықәса,хәажәкыраҧшьба рзы иҧсҭазаара далҵит Аҧсны раҧхьатәи Ахада , ҳаамҭазтәи Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба. Иара убас,хзажәкыра ҧшьба рзы диит аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада, Аҧсны ахьыҧшымра азаагара зыхьӡ адҳәалоу Сергеи Багаҧшь. Арҭ арыцхәқәа инарымаданы, Аҧсны анапхгареи, аиҳабыреи , ауаажәларра рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи ақыҭақәа Ешыреи Џьгьардеи ирҭааит, Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаҧшьи ргәалашәара аҿаҧхьа ихырхәаразы.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 04 Хәажәкыр 2026 11:38

Уарада. Жәабран

Икьыԥхьуп Уарада
Aхаша, 04 Хәажәкыр 2026 08:12

Амшеикәшара 03.03.2026

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Акаҳуажәырҭа "Пингвин" инаркны Аҟәатәи абааш аҟынӡа зеиҭашьақәыргылара иалагаз аҧшаҳәа лыҧшаах ҭыҧхеит археологцәа рзы. Аҧшаарақәа рымҩаҧысшьа, археологцәа рыгәҭакқәа анҵамҭаҿы.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Мызкы инарзынаҧшуа иҵуеит ҳтәылаҿы алашара ҧхьаӡага ҿыцқәа рықәыргыларазы аусура хацыркуижьҭеи. Иалагеит ҳаҳтнықалақь ала, Аҳабла ҿыц аҩнеихагыда дуқәа рҿы аҧсахра иаҿуп. Иахьазы жәаҩа ҩны рҿы иқәыргыланы иалгахьеит. Иааидкыланы, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоуп 200 ҩнеихагыла инареиҳаны. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 03 Хәажәкыр 2026 09:30

Амшеикәшара 02.03.2026

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Афон ҿыц ақалақь аҩныҵҟа изызҳауа ҩышәи хынҩажәа пальма рҟынтәи ,ҩынҩажәа ықәгатәхеит иахьҩаз азы. Ф-пальмак реиқәырхара алшеит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 03 Хәажәкыр 2026 09:18

Ахымца иалагылоу ажәларқәа

Арҭ амшқәа рзы адунеи ажәларқәа рхаҭарнакцәа зегьы ргәы хыҭ-хыҭуа Алада Мрагылара аҳәынҭқаррақәа рҿы ицо ахҭысқәа рзы ажәабжьқәа ирзыӡыҩруеит. Ирацәаҩуп урҭ атәылақәа рҿы зыҧсшьара аамҭа зхызгоз атуристцәа. Ҳтәыла ауааҧсыра ракәзар, урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟаз рыхәҭак хынҳәхьеит.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Икьыԥхьуп Ҳара ҳхаан

Архив новостей

« Хәажәкыр 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30 31