АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aшәахьа, 30 Цәыббра 2024

Aшәахьа, 30 Цәыббра 2024 22:29

Амшеикәшара 30.09.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш азгәаҭара инадҳәаланы, Аҟәа Леон имҩаду аҿы ихацыркхеит маланыҟәала амҩасра. Уи иалахәын аҿар реиҧш аиҳабыратәи абиҧарагьы. Аусмҩаҧгатә еиҿнакааит Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аҟәша.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Араҟа ицәыргоуп афонд аҟынтәи артефактқәа,аҳәсеи ахацәеи ркәадырқәагьы уахь иналаҵаны.Ацәыргақәҵа амузеи аетнологиа аҟәша аиҳабы Инга Шамҧҳа еиҿылкааит. Ас еиҧш зымҽхак ҭбаау ацәыргақәҵа раҧхьаӡатәиуп. Ажәабжь иацылҵоит Адица Саҕариаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи аиҿкааҩцәас иҟоуп Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьра фырхаҵаратә Ахьӡ-аҧша амузеи. Уи аҟны ацхыраара рырҭеит Аҧсны Атәылахьчара аминистрра, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы. Акциа амҩаҧгара иалахәын ашколхәыҷқәа, астудентцәа, убасгьы аҳәса-аибашьра аветеранцәа, ауацәа, аҭынхацәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь анышә дахьамадоу Џьгьарда ашәҭқәа шьҭарҵеит . Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҧсны аиҳабыра реилазаара , аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Жәлар реизареи ауаажәларреи рхаҭарнакцәа, араион ауааҧсыра. Аҧсны Ахьыҧшымра азхаҵара иааҧсара ҕәҕәа адуп Сергеи Уасил- иҧа Багаҧшь.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭа иаҭааит хыҧхьаӡара рацәала ауааҧсыра. Владислав Арӡынба дыргәаладыршәарц амемориалтә комплекс аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа , уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, атәыла ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиа, Аҧсны жәлар реизара адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭыртәижьҭеи иҵит ҩажәи жәеиза шықәса. Ари арыцхә аҳаҭыр азы шьыжьнаҵы ақалақь аҿы ауаа рацәан. Иҭахаз афырхацәа рыхьӡала Аҟәа игыло абаҟа ашҟа иааит есышықәса еиҧш, сынтәагьы шәҩыла ауаа. Аҧсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа, аиҳабыра, анацәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Цәыббра 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30