АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҩаша, 31 Хәажәкыр 2026

Aҩаша, 31 Хәажәкыр 2026 08:58

Амшеикәшара 30.03.2026

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи ахыҵхыраҿы дгылан Алексеи Чычба, анаҩс еиҵагылеит аҧхьаҟа еицырдыруа иҟалаз Ражден Гәымба, Иван Кортуа, Уасил Царгәыш, Кәасҭа Ченгелиа, Оҭар Хәынҵариа уҳәа аӡәырҩы. Аҧсуа композиторцәа рлагала дуун ҳкультура ашьақәыргылараҿы. Ирацәаҩума иахьа анотақәа аҧызҵо, аҿар рҽадрыҧхьалоума акомпозиторра. Атема ҭылҵаауан Фатима Гьергьиаҧҳа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Жәлар Реизара адепутат Леонид Лакербаиа иааиуа алхрақәа ихы рылаирхәӡом. Убри атәы иҳәеит апартиа "Аиҭаира" аполитикатә хеидкыла аилатәараҿы. Убри аан, апартиа адгылара рынаҭоит иаҧсоуп ҳәа ирыҧхьаӡо акандидатцәа. Убасгьы, аилацәажәараҿы иалацәажәон Ахьӡ-аҧша апарк аҿы, хатәгәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз рзы абаҟа аартра. Ажәабжьиацылҵоит Есма Џьыкырҧҳа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Гал араион иаҵанакуа ашколқәа рҟны аҧсуа бызшәа амаҭәарқәа зҭиуа арҵаҩцәа рзы иаадыртит аҧышәеизырҳара акурсқәа. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет аҧсуабызшәа акафедра арҵаҩцәа, абызшәадырыҩцәа имҩаҧыргоит иаҧсыуам ашколқәа рҟны аусзуа арҵаҩцәа рзын алекциақәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иҳаҩсыз ашықәс ареспубликатә биуџьет анагӡашьазы аҳасабырба шьақәырӷәӷәан. 2025 шықәсазы Аҧсны абиуџьет 2024 шықәса иаҿырҧшны уахәаҧшуазар, ахашәала ф-миллиард мааҭ рыла еизырҳан. Ахашәала 21 миллиарди 700 миллион мааҭ ыҟоуп. Уи иалҵшәоуп Урыстәылатәи афинанстә цхыраара амҽхак ахьеизҳаз. Аҳәынҭқарратә биуџьет акәзар, 13 миллиарди 300 миллион мааҭ ыҟоуп. Уи иарбаз арбагақәа раасҭа 104процент рыла еизҳаит. Ирылацәажәан иара убас егьырҭазҵаарақәа жәпакы. АжәабжьиацылҵоитШьазина Ханагәуаҧҳа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 31 Хәажәкыр 2026 08:05

Ҳара ҳхаан. Нора Џьапуаҧҳа

Икьыԥхьуп Ҳара ҳхаан
Aҩаша, 31 Хәажәкыр 2026 08:00

Амчыбжь 29.03.2026

Иахьатәи аҭыжьымҭаҿы:

00:14 Амҩаҧгаҩ Асмаҭ Гәниа.

01:00 Амчыбжь ахҭыс хадақәа ааркьаҿны.

05:05 Афинанстә хьыҧшымра. Пицунда ақалақь ахатә биуџьет аиура иазыхиоуп.

10:50 Ашәышықәсақәа иргәылсуа вагәеисыбжь. Амилаҭтә библиотека аҧҵоижьҭеи 105 шықәса ҵит.

 

Икьыԥхьуп Амчыбжь
Aҩаша, 31 Хәажәкыр 2026 07:58

Анхаҩы. Џьамбул Џьопуа

Икьыԥхьуп Анхаҩы
Aҩаша, 31 Хәажәкыр 2026 07:49

Сабшала 28.03.2026

00:01:05 Амшын аҧшаҳәа аҭоурыхтә ҭыҧаҿы ицо аусурақәа шхыркәшахо азы иалххо аконцепциа аҿы акәаҧ ргылатәхоит. Аҧсны ахада уи аҭыҧ даҭаан аилацәажәара мҩаҧигеит.

00:09:45 Ашколхәыҷқәа рреспубликатә маҭәартә олимпиада хацыркхеит Аҟәа.

00:14:09 Аарыхра иаамҭоуп. Анхацәа ааҧынразы рнапы зларкша рацәоуп.

00:20:20 Иануҭаху узцома? Ақыҭақәа рҿы атранспорт аусушьа.

Икьыԥхьуп Сабшала
Aҩаша, 31 Хәажәкыр 2026 07:47

Аспорт адунеи 27.03.2026

Икьыԥхьуп Аспорт адунеи

Архив новостей

« Хәажәкыр 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30 31