
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tvИәдыру еиҧш, ари ашықәс ақыҭа иашықәсны ирылаҳәоуп. Анхамҩақәа рырҿиаразы еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рыдыркылоит аиҳабыра. Убас, Гәдоуҭа имҩаҧысит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи араион ақыҭақәа рхадацәеи реиҧылара.
Аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа изаамҭанытәиу аилатәара мҩаҧысит. Аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, иҿыцны аӡбаҩцәа алхын. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Хщажщкырамза алагамҭазы, Аҟәа,амшын аҧшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгараан иаарҧшын актәи аҧшьбатәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа артефакт ҿыцқәа. Урҭ ашьаҟауаа рымҩа иаҵаҵәахын. Иахьа иқәгылеит азҵаара, ари акультуратә ҭынха иазухои ҳәа? Чыдала абри иазкын Аҟәа ақалақьахадареи, археологцәеи , аҭоурыхҭҵааҩцәеи алархәны Жәлар Реизараҿы имҩаҧысыз аилацәажәара.