АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҩаша, 17 Хәажәкыр 2026

Aҩаша, 17 Хәажәкыр 2026 09:55

Амшеикәшара 16.03.2026

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Марттәи ажәылараан дҭахеит аб Тариел. Иҧсыбаҩ рыҧшааит 20 шықәса рышьҭахь. Ари ажәылара акырӡа иуадаҩыз, агәаҟра дуқәа зцыз акакәны иҟалеит аҧсуа еибашьцәа рзын. Ззааҭгылара хьанҭоу ахҭысқәа рацәоуп. Убарҭ ируакуп аби аҧеи Тапаӷәуаа рҭоурых. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа астудентцәеи аибашьцәеи еиҧылеит. Ажәабжьиациҵоит Алхас Ҧсардиа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Абас ахьӡуп Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәиамузеиаҿы иаатыз Марттәи ажәылара иазку ацәыргақәҵа. Уаҟа раҧхьатәи аконцерт мҩаҧнагеит Аҧсны аҳәынҭқарратә хортә капелла.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

33 шықәса раҧхьа, Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаҧгаз марттәи ажәылара Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны зегьраасҭа ишьаарҵәырахаз жәыларахеит.Иҭахеит 222-ҩык аибашьцәа, 23-ҩыкхабарда ибжьаӡит. Ари иманшәаламхаз операцианы иҧхьаӡоуп,аха иара сентиабртәи аоперациа алыҵшәа аиуразы даара акрызҵазкуа жәыларахеит.Гәкажьрак ҟарымҵеит иҭахаз аҷкәынцәа ранацәа. Урҭ ражәақәа ҳаибашьцәа ҧхьаҟа ирыхон. Есышықәса, ари амш аҽны аиааира аагара зхы ақәызҵаз ргәаладыршәарц азы Ахьӡ-аҧша апарк ахь иааины ихырхәоит аибашьра аветеранцәа,аиҳабыра рхаҭарнакцәа,иҭахаз афырхацәа ранацәа, ауаажәларра.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 17 Хәажәкыр 2026 09:26

Ҳара ҳхаан. Фиодор Ҭарба

Икьыԥхьуп Ҳара ҳхаан
Aҩаша, 17 Хәажәкыр 2026 09:23

Марттәи ажәылара

Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aҩаша, 17 Хәажәкыр 2026 09:21

Амчыбжь 15.03.2026

Икьыԥхьуп Амчыбжь

Архив новостей

« Хәажәкыр 2026 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30 31