

Уахатәи ҳдырраҭараҿы:
Илахьеиқәҵагоу арыцхә. Марттәи ажәылара иацыз ауадаҩрақәеи иаҳнаҭаз аҧышәеи ртәы аҭоурыхҵааҩ Аслан Аҩӡба иҿцәажәараҿы;
Аибашьҩы иҭоурых. Марттәи ажәылараҿы иҭахаз Руслан Ҧлиа изку ҳанҵамҭа еиҭашәҳарбоит;
Иҧсы ҭазҭгьы, хәажәкырмаза жәаф рзы Аҧсуа телехәаҧшра ажурналист Даур Инаҧшьба ихыҵуан хынҩажәи хәба шықәса; -
Аҧсны ашколхәыҷқәа шәҩык Ҟрымтәи ахәыҷтәы лагер «Артек» аҟны рыҧсы ршьоит.
Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи ҳҭыжьымҭаҿы.
Уи иабзоураны сынтәатәи ашықәс иалагӡаны иҭыжьу ашәҟәқәа ҵыҧх аасҭа еиҳахеит. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп иҵаулоу аҩымҭақәа раҳ Аҧсны жәлар рышҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа, имшынҵақәа знылаз ашәҟәы . Иара ҭрыжьит ашәҟәыҩҩы ҧшьынҩажәи жәаха шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы. Ашәҟәҭыжьырҭа аусушьа, агәҭакқәа, аихьӡарақәа, иҟоу ауадаҩрақәа уҳәа ирызкуп Наала Чхьынџьериаҧҳа ланҵамҭа.
Хықәкыс иҟаз ҳаҳҭнықалақь Аҟәа аҭарцәра акәын, аха ҳаибашьцәа хьамҵыр амуит. Ҩышәи ҩажәи ҩыџьаҩык ҭахеит арҭ амшқәа рзы, иҟалеит хабарда ибжьаӡыз. Ишьаарҵәырахаз, аха аҧышәа рызҭаз , аиааира иашьагәыҭхаз ажәылара амш аҽны Ешыра ақыҭан иргәаладыршәеит ахҭыс хьанҭақәа. Алахьеиқәҵаратә акциа еиҿнакааит аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы. Уи иалахәын Аҧсны аиҳабыра , аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра.
Абна амца зацралази, уи аҧырҟәҟәареи ирылацәажәеит Аҧсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынбеи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр инапынҵақәа назыгӡо Лев Кәыҵниеи. Аминистр еиҭеиҳәеит амцакра арцәаразы инагӡаз аусқәа ртәы. Хәажәкыра хәба инаркны жәафынӡа хәышә гектар адгьыл аҿы амцакрақәа ҟалеит. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра иалшо зегьы шыҟанаҵо ауааҧсырра рыхьчареи, рхандеи аиқәырхареи рзы.