АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҧшьаша, 20 Хәажәкыр 2025

Aҧшьаша, 20 Хәажәкыр 2025 21:36

Амшеикәшара 20.03.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 20 Хәажәкыр 2025 21:34

Ҩышықәсатәи аусқәа раҳасабырба

Ҩы-шықәса ирылагӡаны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭа аусзуҩцәа аҧсшәахь еиҭаргеит ашәҟәҿыцқәеи аудио хархәагақәеи, иара убасгьы ицхыраагӡоу ашәҟәқәеи еиуеиҧшым аелектронтә хархәагақәеи ҭрыжьит. Имҩаҧысит аҵыхәтәантәи ҩы-шықәса рзы имҩаҧгаз аусқәа раҳасабырба. Уи далахәын Фатима Гьергьиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Шә-миллион мааҭ рҟынӡа иаҧсоу амедицинатә маруга Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ҳамҭас Аҧсныҟа иаанашьҭуеит. Ангиограф ахыбра ҷыда азыргылара аус абиуџьет аҟынтә аҧара азоужьхоит. Аусурақәа нанагӡалоит акапиталтә ргылара аусбарҭа. Аҧыза министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба адырра ҟаиҵеит ҧхынгәы акынӡа аргыларатә усурақәа рхыркәшара шазгәаҭоу.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Атәыла анапхгара рхы аладырхәит ҿыц еиҭашьақәыргылоу аспортзал аартра. Ари аусмҩаҧгатә иара убасгьы иалахәын Жәлар реизара ахантәаҩы Лаша Ашәба, ақыҭа ауааҧсыра, аибашьра аветеранцәа, ашколхәыҷқәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Хәажәкыр 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30
31