
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tvАнеироҳақәа рхархәарала асахьақәа шҧаҧҵатәу, насгьы афотосахьа иҧсабаратәым ахшыҩ ала ишыҟаҵоу шҧеилкаатәу уҳәа азҵаарақәа ирызкын амедиагәыҧ «Россия сегодния» афотоинформациа адирекциа абильд-редактор Анна Маркелова имҩаҧылгаз аҟаза-икласс. Лара «Спутник про» апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ааҧхьара лыман. Уи иалахәын асахьа аус адызуло аспециалистцәа.
Аҧсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 75 шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаҧган ахәылҧаз. Уи иалахәын Рушьбеи Смыр ибзиан дыздыруаз иҩызцәа, аус ицзухьаз, ипоезиа бзиа избоз, иҭынхацәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.