АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 26 Хәажәкыр 2025

Aхаша, 26 Хәажәкыр 2025 21:42

Амшеикәшара 26.03.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Жәлар рыкәашара Гәдоуҭатәи акәашаратә ансамбль Шьардаа Шәачатәи афестиваль «Ахатә стиль» иалауреатцәахеит. Ахәыҷтәы рҿиаратә коллектив азы ари раҧхьатәи аҳәаанҭыҵтәи қәгылароуп. Афестиваль аҿы дара қәҿиарала рмилаҭтә культура ахәаҧшҩы изнаргеит. Иарбан кәашарақәоу ахәаҧшцәа хызхыз ҳзеиҭеиҳәоит ҳкорреспондент Алхас Ҧсардиа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ашколхәыҷқәа аҧсшьара иҟанаҵы, дара ахәыҷбаҳчақәа рҿы агәаҭарақәа мҩаҧыргоит. Ахәыҷқәа реиҳараҩык ргәабзиара аҭҵааразы агәаҳәара рымоуп урҭ рҭаацәа. Аха иҟоуп убри аамҭазы уи мап ацәызкуа аҭаацәарақәагьы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Араҟа ргәабзиара аиҭашьақәыргыларазы аҽазыҟаҵарақәа ирхысуеит иааидкыланы хынҩажәи хәҩык апациентцәа. Ари иҳәынҭқарратәым икоммерциатәым ауаажәларратә еиҿкаара уажәаҧхьа ҳтәыла анаҧхгара аҟынтәи ироуз ацхыраара иабзоураны, аҽазыҟаҵагатә мыругақәа аархәеит. Ҳаамҭазы уахь иныҟәо неивга-ааивго ишрыдыркылогьы ахыбра маҷцәоуп аҽазыҟаҵаразы. Абри азҵаара аӡбараҟны адгылара иаҳәоит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы игаз аиааира 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Урыстәыла ахада игрант аҳәаақәа ирҭагӡаны ақыҭақәа рҿы Аџьынџьтәылатә еибшьра ду аан иҭахаз аҵеицәа ргәаларшәаразы игылоу абаҟақәа рхаҿра арҧшӡареи ррыцқьареи рзы аусурақәа хацыркуп. Убас, Гәылрыҧшь араион Маҷара ақыҭаҿы мышқәак раҧхьа аусурақәа нап дыркын. Урҭ рымҩаҧысшьа ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Хәажәкыр 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30
31