АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aшәахьа, 24 Хәажәкыр 2025

Aшәахьа, 24 Хәажәкыр 2025 20:47

Амшеикәшара 24.03.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Анцәа идгьыл аҧсуа ҳамҭас изыхииҭааз? Иарбан шықәсоу ианаартыз раҧхьаӡатәи аиҵыбаратә школ Оқәым ?-абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак аҟаҵараҿы рхы ҧыршәеит ашколхәыҷқәа аҧсуа бызшәеи алитературеи рзы имҩаҧысуаз амаҭәартә олимпиадаҿы. Адҵақәа рынагӡара аӡәы изы имариахоит,даҽаӡә изы ихыҧҽыгахар алшоит,аха олимпиадахь уаана уи аҩыза уақәымшәозароуп,ухы уақәгәыҕуазар-аиааира хымҧада иугоит. Ас еиҧш ихәыцуа ахәыҷқәа ирыҿцәажәеит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 24 Хәажәкыр 2025 09:24

Амшеикәшара 21.03.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 24 Хәажәкыр 2025 09:19

Аматематика аҧсышәала арцәажәара

Аматематика аҧсышәала арцәажәара - абри хықәкыс иҟаҵаны Аҟәа ақалақь иатәу амуниципалтә усбарҭа «Аҵадарырра анапхгара» имҩаҧнагеит «Аматематика лахҿых» захьӡыз авикторина. Ахәмарра еиҿкаан ақалақь ашколқәа ахҧатәи аклассқәа рҵаҩцәа рыбжьара. Аматематика азҵаарақәа зеиҧшраз, насгьы урҭ рҭакқәа ашколхәыҷқәа ҧсышәала рыҟаҵашьа ишазнеиуаз Шьазина Ханагәуаҧҳа ланҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны ари амш азгәаҭара иалагеит ҩнызқьи жәеиза шықәса рзы. Сынтәа ҳтәыла ашәҟәыҩҩцәа реидгыла Кондрат Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи интернат аҿы апоезиа амш иазкыз аиҧылара еиҿнакааит. Уи иалахәын ҳтәыла ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи аус арепатраициа афонд аҟынтәи ҩажәи жәаба миллион мааҭ азоужьуп. Аҳәынҭқарра «Адемографиа аҿиаразы» апрограмма шәи ҩажәа миллион мааҭ аҧара азоунажьуеит. Аҧсны аҧыза–министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба ихантәаҩрала имҩаҧысыз аилатәараҿы ишьақәырҕәҕәан аҳәынҭқарратә программақәеи иҳәынҭқарратәым афондқәеи рбиуџьетқәа. Урҭ иарбанқәоу Фатима Гьергьиаҧҳа ланҵамҭаҿ иаҳзеиҭалҳәоит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Хәажәкыр 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30
31