АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 07 Хәажәкыр 2025

Aхәаша, 07 Хәажәкыр 2025 22:25

Амшеикәшара 07.03.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҳәса жәларбжьаратәи рымш Март ааба аламҭалаз Аҧсны атәылахьчара аминистрраҿы зыҧсҭазаара арратә маҵзура иадҳәалоу аҳәса аныҳәа рыдырныҳәалеит. Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо аинрал-полковник Владимир Ануа арратә маҵзура иазааҧсо аҳәса ақәҿиарақәа рзеиҕьаишьеит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхәаша, 07 Хәажәкыр 2025 22:18

Агәаларшәагатә баҳча

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы игаз аиааира ҧшьынҩажәи шықәса ахыҵра ҳтәылаҿы азгәаҭара аламҭалаз Аҟәа ақалақь апаркқәа руак аҿы еиҭаҳан ҧшьынҩеижәа ҵла. Уи мҩаҧган жәларбжьаратәи акциа «Агәаларшәагатә баҳча» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Акциа мҩаҧысуеит ҩнызқьи ҩеижәа шықәса раахыс. Аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәа хадас иамоуп урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара «Аиааира аволонтиорцәа». Аҵлақәа реиҭаҳаразы ааҧхьара рыман Аҧсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба, Аҟәа ақалақь ахада инапныҵақәа назыгӡо Беслан Ешба, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа, аҭыҧантәи авалонтиорцәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Хәажәкыр 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30
31