АЖӘАБЖЬҚӘА

Aшәахьа, 17 Хәажәкыр 2025 20:32

Абна амца зацралази, уи аҧырҟәҟәареи ирылацәажәеит Аҧсны ахада и.н. Бадра Гәынбеи Лев Кәыҵниеи

Абна амца зацралази, уи аҧырҟәҟәареи ирылацәажәеит Аҧсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынбеи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр инапынҵақәа назыгӡо Лев Кәыҵниеи. Аминистр еиҭеиҳәеит амцакра арцәаразы инагӡаз аусқәа ртәы. Хәажәкыра хәба инаркны жәафынӡа хәышә гектар адгьыл аҿы амцакрақәа ҟалеит. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра иалшо зегьы шыҟанаҵо ауааҧсырра рыхьчареи, рхандеи аиқәырхареи рзы.

 
Last modified on Aшәахьа, 17 Хәажәкыр 2025 20:33

Media

Архив новостей

« Хәажәкыр 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30
31