АЖӘАБЖЬҚӘА

* Ԥхынкәын 2025

Aҧшьаша, 18 Ԥхынкәын 2025 09:51

Акәыҧшра Астудиа Таим

Икьыԥхьуп Ақәыҧшра Астудиа
Aҧшьаша, 18 Ԥхынкәын 2025 09:49

Амшеикәшара 17.12.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҭыҧантәи аҧшӡарақәа ирҭаарц згәы иҭоу - заа ҳтәыла асасааирҭақәа рҿы ауадақәа ныркылоит ,иадҵаало рацәаҩуп. Ҳаргьы аҽазыҟаҵара ҳаҿуп асасцәа ҳадкыларазы. Ашықәс ҿыцаз ҧшәымеи саси ирзыҧшу апрограммеи, егьырҭ аусмҩаҧгатәқәеи ртәы анҵамҭаҿы.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иаартын Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҧсны Жлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи еиҿнакааз афотоцәыргақәҵа. Уи иалахәын аҧыза-министр Владимир Делба , аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Џьансыхә Нанба, Владислав Арӡынба иҧшәмаҧҳәыс Светлана Џьергениаҧҳа, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, астудентцәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 17 Ԥхынкәын 2025 08:53

Амшеикәшара 16.12.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Алитературатә бызшәа аизырҳараҿ, амилаҭжурналистика аҿиараҿы зааҧсара дуу Рауль Лашәриа иҧсы ҭазҭгьы,ихыҵуазаарын 80 шықәса. Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаҧысит Рауль Лашәриа игәаларшәара иазкыз аиҧылара. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аицлабра "Аҧсны арҿиаҩцәа" аҟны аиааира згаз апроект Очамчыра ақалақь аҿы аибашьратә фырхаҵара амузеи аартразы ажәалагала ҟарҵеит. Уи адгылара аиуит араион ахадареи ,аҳәынҭқарреи, ауаажәларреи, аветеранцәеи рҿынтә.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Дара аҳамҭақәа ранашьара иазкыз ацеремониа мҩаҧысит Аҧсуа ҳәынҭқарратә унивирситетаҿы. Жәаҩык аиааира ргеит - Линда Амҧарҧҳа, Анна Гәниаҧҳа, Инал Ҭыжәба, Асида Гәымҧҳа, Анетта Бганҧҳа, Ефрем Ҳагба, Игор Басов, Лиана Ҳагҧҳа, Инал Хамкогов, Асҭанда Киутҧҳа. Адырра. Алектор - ари Урыстәылатәи Аилазаара "Адырра" иапроектуп. Уи абаҩхатәра злоу арккаҩцәа раарҧшреи рзанааҭ аизырҳареи ирызкуп.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Ԥхынкәын 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31