

Иахьа Аҧсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәеи Ҭырқәтәылатәи Аҧсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа анапхгаҩы Иауз Аҭрышба зхадараҿы дыҟоу аделегациеи еиҧылеит. Аиҧылараҿы ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәаразы актуалра злоу азҵаатәқәа ирылацәажәеит.
Урҭ ахәшьара рыҭаразы ари аҭыҧ даҭааит Аҧсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада, Аҧсны Ахада Бадра Гәынба.
Сибиртәи афедералтә унивирситет иатәу агострономиа аинститут аҭаларазы сынтәа Аҧсныҟа иаашьҭуп аквотақәа хәба. Урыстәыла абиуџьет ахарџьала хәыда-ҧсада аҵараиурҭа аҭалара азгәаҭоуп. Уахь иҭалараны иҟоу астудентцәа ралҧшаара апроцесс хацыркуп. Хаҭала, Аҧснытәи аусхкрацәатә коллеџь иаҭааит, ари аус аҿы ацхыраара ҟазҵо Аҧсны иҟоу Россотрудничество агәазыҳәара змоу астудентцәа ралҧшааразы.
Аҧсны иааны иҟоуп Ҭырқәтәылатәи Аҧсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа анапхгаҩы Иауз Аҭрышба зхадараҿы дыҟоу аделегациа. Абҵарамза 23 рзы,Диузџье ақалақь аҟны имҩаҧысыз афедерациа ахантәаҩы иалхрақәа рҿы Иауз Аҭрышба аиааира игеит. Зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны иааны иҟоу аделегациа идикылеит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба. Аиҧылара далахәын Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа.
Ақәыргыламҭа ахәаҧшразы имҩахыҵыз рацәаҩын, иҟамызт иҭацәыз атәарҭа ҭыҧқәа. Иааизакны, Урыстәыла аҳҭны-қалақь аҟны иқәыргылахоитдаҽа ҧшь-қәыргыламҭак.
Аҧсныи Урыстәылеи рҵарадырра аминистррақәа ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аҿы иаартын аурыз бызшәеи алитературеи рыкласстә уадақәа. Урҭ ҳаамҭазтәи аҵарадырра иақәшәо анормақәа рыла еиқәыршәоуп. Иааидкыланы, ҳтәыла ашколқәа рҿы иаадыртраны иҟоуп 15 класс. Ари апроект анагӡара алыршахеит афонд "Сарасҭоурых"иҟанаҵаз адгылара ала. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.