АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aсабша, 20 Ԥхынкәын 2025

Aсабша, 20 Ԥхынкәын 2025 10:26

Амшеикәшара 19.12.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ашықәс ҿыц аламҭалазы Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата анаплыхқәа рыҟа  цара иазҿлымҳау аҳәса рзы еиҿнакааит раалыҵуәа рцәыргақәҵа. "Аҧҳәыс лнапла" абас ахьӡын уи аусмҩаҧгатә,рхы аладырхәит Аҧсны араионқәа рҟынтә 70-ҩык инарзынаҧшуа аусдкылаҩцәа. 

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Д.Гәлиа ихьӡ зху аҧшьбатәи абжьаратә школ аҟны имҩаҧысит Аҧсны араионқәа рҟынтә еизго ашколхәыҷқәа злахәыз агәыҧқәа реицлабра "Аҟәыбҷа" захьӡу авикторина. Иара еиҿнакааит Аҧсны аҵара аминистрра. Аусмҩаҧгатә иалахәын араионқәа зегьы рҟынтәи арҵаҩцәа, ааҧхьара рыман Аҧснытәи аҳәынҭҭкарратә унивирситет ахаҭарнакцәа,иара убас, Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа анапхгара.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иара итәуп асахьаҭыхҩы Адгәыр Ҧлиа. Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә зал хадаҿы имҩаҧысит аҧхьахәтә ҭфыҧқәа занашьаз аҟазацәа русумҭақәа рӡыргара. Уиадагьы,аҭыҧан ахәаҧшцәа ирыман алшара, шықәсдуӡӡак аҟазара аџьабаа адызбалоз асахьаҭыхыҩцәа русумҭа иазкызацәыргақәҵа азхьаҧшра. Иалкаахаз аусумҭақәа ртәы анҵамҭаҿы.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aсабша, 20 Ԥхынкәын 2025 09:37

Вахтанг Гәаланӡиа игәалашәара

Шықәсык ҵит, апарламенттә хеилак аилатәара аан иқәшәаз ахы иахҟьаны,иҧсҭазаара далҵижьҭеи Аҧсны Жәлар Реизара адепутат Вахтанг Гәаланӡиа. Абџьар ҭзырҟьаз Адгәыр Ҳаразиа дырбаандаҩуп. Аӡбарҭатә процесс хацркуп. Шықәсык аҧхьа иҟалаз ахҭыс ауаа рцәа иҭанарӡыӡеит. Ргәыдалсит аҵеи лаша. Ирызцәырнагеитазҵаарагьы. Ишҧаҟалеи ари аҩыза ахҭысазакуанҧҵаратә хыбраҟны. Иахьа ҩашьарада иаанхо акоуп, Вахтанг Гәаланӡиа иҟамзаара цәыӡ духеит Аҧсназы. Аха,уи аҩыза даҽазнык иҟамларцаз, иарбан усқәоу инагӡаз. 

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Ԥхынкәын 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31