

Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан жәа-зҵаарак инарзынаҧшуа. Ибиуџьеттәым афондқәа фба 2026 шықәсазтәи рбиуџьет шьақәдырӷәӷәеит. Аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит аҳәынҭқарратә ҳаза азы азакәан апроект. Адепутатцәа аратификациа азыруит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа руалафахәы аицшәаразы Урыстәылеи Аҧсныи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра аҧкаанҵа.
Ҩ-сааҭк инарзынаҧшуа ицоз Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара - Апарламент ахь Инашьҭымҭа иазкыз аилатәара анхыркәшаха ашьҭахь, уи иалахәыз ргәаанагарақәа ҳацеиҩыршеит. "Иарбан хырхарҭазаалакгьы зегьы хәыц-хәыц дырзааҭгылеит. Иубаратәы иҟоуп аусураҿы алыҵшәа бзиақәа шыҟоу,аҧхьаҟагьы иазгәаҭоу рацәоуп",- ҳәа рҳәон ҳкорреспондентцәа зыҿцәажәоз. Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Анашьҭымҭа дазапаҭгыло, ихәеит иҟаҵоу, мамзаргьыҿыц ихацыркхо аусқәа шырацәоу, апарламент аганахьала ахаҵгылара шыҟало. Ҷыдала иазгәеиҭеит, Жәлар Реизарахь Анашьҭымҭаҿы ахырхарҭақәа зегьы ишырзааҭгылаз.
Адәныҟа-политикатә ҭагылазаашьа аҿиара атәы дазааҭгыло, атәыла ахада иҳәеит,- Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаҧшьи ишьҭарҵаз ауасхыр иабзоураны, иахьа адәныҟатәи аполитика аҿиара шамоу, уи амҩа ишану. "Урыстәыла Аҧсназы истратегиатәу ҳәынҭқарроуп. Ҳшәарҭадара иагарантуп",- иҳәеит Аҧсны Ахада.
Аҧсны Ахада идикылаз аӡбамҭала, 2026шықәса ҳтәылаҿы ақыҭа иашықәсны ирылаҳәоуп. Ҳазҭало ашықәс азы қыҭацыҧхьаӡа миллионк-миллионк мааҭ аҧара рызшахоит.
Ҩынҩажәижәаба напынҵа рҟынтә. Атәыла Ахада ҳазҭоу ашықәс , нанҳәа мзазы аиҳабыреи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи 50 напынҵа риҭеит. Урҭ рахьтә жәибжь нагӡоуп. Иаанхаз астратегиатә ҟазшьа змоу анапынҵақәа роуп, урҭ аусрыдулара иаҿуп,- ҳәа азгәеиҭеит Аҧсны Ахада иқәгылараҿы.
Ихадоу ахырхарҭақәа изықәныҟәатәу амҩақәа. Агәабзиарахьчара, аҵарадырра, анҭыҵтәи азҵаатәқәа, ашәарҭадареи ахыхьчареи, аҭышәынтәалара, атуризм, ақыҭанхамҩа, Аҧсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа уҳәа ахырхарҭақәа жәпакы дырзааҭгылеит Аҧсны Ахада Жәлар Реизарахь иҟаиҵаз Анашьҭымҭаҟны.