

Иара еиҿкаауп ҧсышәа мацарала. Изызҳауа абиҧарақәеи ааӡаҩцәеи рхы иадырхәлар рылшоит ҧшь-темак рыла. Ажәабжьиацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә хеилак ахыбраҟны имҩаҧысит "Муминаҭ Гонова - абаза Жанна Д-Арк" захьӡу адокументалтә фильм аӡыргара. Афильм азкуп апрофессор, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи ,Урыстәылатәи Академиа афилиал - Нхыҵ Кавказтәи аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩеиҳабы- Муминаҭ Гонова лыҧсҭазаареи лырҿиаратә мҩеи.
"Афонҿыцтәи аҳаҧы - Аҧсны аҧшӡарақәа рыҭҵаара",- абас ахьӡуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет аҿы имҩаҧысуа жәларбжьаратәи анаукатәконференциа. Уи Афонҿыцтәи аҳаҧы 50 шықәса ахыҵреи иара аазыртыз аспелеолог Гиви Смыр диижьҭеи 80шықәса аҵреи ирызкуп. Ари аконференциа иалахәуп еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҟынтә аҵарауаа гәыҧҩык. Иара убас,изҭаху онлаин аформат ала аконференциа рхы аладырхәыртә еиҧш алшара рзаҧҵоуп.
Ҳазҭоу ашықәсазы аиҿкаара "Урыстәыла-ҿа" агәыҳалалратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳреспублмикаҿы хыҧхьаӡара рацәала аспорттәдәқәа аартын. Уажәы Аҟәа урҭ ирыцлеит даҽакгьы. Иааилаҵаны, ҳаҳҭны-қалақьаҿы еиқәыршәаны иҟаҵоуп жәаха дәы рҟынӡа. Ешба имҩаду аҿы имҩаҧысыз аспорттә дәы аартра далахәын Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.
Ари арыцхә аҳаҭыр азы аныҳәатә усмҩаҧгатә еиҿкаан. Аҧсуа қәра нызҵыз аҵараиурҭа асасцәа аҭан. Рышкол гәакьахьимҩахыҵит аушьҭымҭацәа,аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа, Тҟәарчал араион анапхгара.