

Ҩынҩажәижәаба напынҵа рҟынтә. Атәыла Ахада ҳазҭоу ашықәс , нанҳәа мзазы аиҳабыреи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи 50 напынҵа риҭеит. Урҭ рахьтә жәибжь нагӡоуп. Иаанхаз астратегиатә ҟазшьа змоу анапынҵақәа роуп, урҭ аусрыдулара иаҿуп,- ҳәа азгәеиҭеит Аҧсны Ахада иқәгылараҿы.
Ихадоу ахырхарҭақәа изықәныҟәатәу амҩақәа. Агәабзиарахьчара, аҵарадырра, анҭыҵтәи азҵаатәқәа, ашәарҭадареи ахыхьчареи, аҭышәынтәалара, атуризм, ақыҭанхамҩа, Аҧсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа уҳәа ахырхарҭақәа жәпакы дырзааҭгылеит Аҧсны Ахада Жәлар Реизарахь иҟаиҵаз Анашьҭымҭаҟны.
Ашықәс ҿыц аҧылара аҿазыҟаҵара иаҿуп ҳтәыла ауааҧсыра. Аныҳәа иацу агәалаҟазаара, уи аҽазырхиара шымҩаҧысуа , Аҟәатәи аџьармыка ауааҧсыра рҭахрақәа иахьынӡарзыҟаҵо, ахәҧсақәа зеиҧшроу уҳәа Алхас Ҧсардиа ианҵамҭаҿ.
Зыҧсҭазаара зегь аспорт иазызкыз, Аҧсны зҽаҧсазтәыз азыҟаҵаҩ, Асовет Еидгыла аспорт азҟаза ҳә аахьӡ ҳарак зыхҵаз Витали Аҩӡба игәалашәара иазкыз адзиудо азы аицлабра мҩаҧысит аспортсменцәа рыбжьара. Атурнир иалахәын Аҧсны араионқәа рҟынтәи акомандақәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Аамҭа ртәуп ахәыҷқәа. Аҟәатәи,Очамчыратәи, Калдахәаратәи алицеи-интернатқәа рааӡамҭацәа Аҧсуа драматә театр аҿы имҩаҧысыз ақәыргыламҭа "Быбыш" раҧхьатәи аҧхьарбарахь ааҧхьара рыман. Урҭ атеатр ахь раара атәыла ахада Бадра Гәынба иҟынтә ашықәсҿыцазтәи ҳамҭоуп. Дара хәыда-ҧсада ақәыргыламҭа иахәаҧшит, уи адагьы аҳамҭақәа рызшан. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.