АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҧшьаша, 30 Жьҭаара 2025

Aхәаша, 31 Жьҭаара 2025 00:16

Амшеикәшара 30.10.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

"Атомтә станциақәа рыдгьылҵакыра Ассоциациа"- инеиҵыхыу аилатәара мҩаҧысит Аминистрцәа реилазаара ахыбраҿы. Ирылацәажәан иахьатәи аамҭазы ҳтәылаҿы афонд исмҩаҧнаго аусқәеи аҧхьаҟа аусеицуразы ахырхарҭақәа ралхреи азҵаара. Афон Ҿыц ақалақьи Ленинградтәи аобласт иатәу Сосновыи бор ақалақьтә округи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын.Иара убасгьы, Гагра ақалақьи Нововоронеж ақалақьтә округи аиашьаратә қалақьқәа рышьақәыргыларазыамеморандум рыбжьарҵеит.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 30 Жьҭаара 2025 23:19

Анаука амш

Аибашьра ашьҭахь, аамҭа кьаҿк иалагӡаны иаҧҵахаз аусбарҭақәа ирхыҧхьаӡалоу Аҧсны Атҵаарадыррақәа ракадемиа Аҧсуа ҳәынҭқарра арҿиараҟны аҭыҧ ҷыда ааннакылоит. Аҧышәа ду змоу, ззаанаҭ иазҟазоу , ихатәроу аиҳабыратә абиҧара аҭҵаарадырратә наука амаҵ азхызуа иахьатәи рымш ныҳәа азгәаҭара мҩаҧган.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧснытәи аҳәынҭунивирситет аҟны имҩаҧысит апрофессор, афилологиатә ҭҵаарақәа рдоктор Екатериа Бебиаҧҳа лышәҟәы "Харада ахара здыз" аӡыргара. Иазгәаҭатәуп, ари атемала ашәҟәы автор ахҧатәи лышәҟәы шакәу, иаарласны иҭыжьхоит иара аҧшьбатәи ахәҭагьы. Аусмҩаҧгатә иалахәын аунивирситет арҵаҩратә еилазаара, астудентцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Харада ахара рыдҵан иҭархаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны аиҳабыра, Аминистрцәа Реилазаара алахәцәа, Аҟәа ақалақьахада, апарламент адепутатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Ажәабжьиациҵоит Алхас Ҧсардиа

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жьҭаара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31