АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 08 Жьҭаара 2025

Aҧшьаша, 09 Жьҭаара 2025 00:14

Амшеикәшара 08.10.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Аҟәатәи абыжьбатәи абжьаратә школ аҟны иаадыртит иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо, ахырхарҭа рацәа змоу аспорттә дәы. Ари аҩыза аус бзиа нагӡоуп Урыстәылазегьтәи аҿартә еиҿкаара «Урыстәыла-ҿа» Краснодартәи аҟәша абзоурала. Аҧсны иааидкыланы асеиҧш иҟоу аҭыҧқәа жәаба ҟарҵахьеит.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Аҧсны иреиҵаӡоу ауалафахәы ҩажәа нызқь мааҭ ыҟазарц шьақәнаргылеит аминистрцәа реилазаара. Иазгәаҭатәуп, ҳазҭоу ашықәс азы ахныҟәгаразы иреиҵаӡоу ауалафахәы жәаф нызқьи ҩышә мааҭи ҳәа ишышьақәырҕәҕәаз. Уажәы иацырҵаз ақәҵара амч аиуеит ҩ-нызқьи ҩажәи фба шықәса ажьырныҳәамза акы инаркны. Ацитрустә шәырқәа иреиҵаӡоу ахәқәа шьақәдыргылеит. 45 мааҭ кьылак азы-амандаринеи апатырқали, ҩынҩажәи ҩба мааҭ -алимон, жәа мааҭк - кьылак зынӡа зхаҭабзиара ҳаракым ашәыр. Ажәабжь иацылҵоит Наала Чхьынџьериаҧҳа.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Уи алыршан Аҧсны Афырхаҵа Нодар Какәбаа иҟаиҵаз адгылара ала. Иҳәатәуп, «Скорпион» иалахәыз рахьтә ҩажәи аӡәҩык шҭахаз. Дара рҭаацәарақәа Аҧсны афырхаҵа Нодар Какәбаа иҟаиҵаз аҧшьгарала иранаршьоит аҳамҭақәа. Аибашьцәа реиҧылара рхы аладырхәит Аҧсны ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа аиаҳабы Беслан Ешба, араион анапхгара.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жьҭаара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31