АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aшәахьа, 06 Жьҭаара 2025

Aҩаша, 07 Жьҭаара 2025 00:02

Амшеикәшара 06.10.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл иаҭааны иҟаз ҳџьынџьуаа лыдылкылеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ахантәаҩы Ирина Агрҧҳа. Аҧхарратә ҟазшьа змаз аиҧылара шымҩаҧысыз атәы дазааҭгылоит Сырма Ашәҧҳа.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
«Кавказ аҵиаақәа рбиологиатә еиҧшымзаара аиқәырхареи ахылаҧшреи аус аҿы аботаникатә баҳчақәа рроль»,- абас ахьӡуп Аҧсны раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуа СНГ рботаникатә баҳчақәа рхеилак абыжьбатәи аизара ду. Уи иалахәуп Урыстәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рҟынтә аҵарауаа, аиҧылара актәи амш рхы аладырхәит аҧыза -министр Владимир Делбеи уи ихаҭыҧуаҩ Џьансыхә Нанбеи. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҳаибашьцәа ажәылара иалагеит жьҭаара ҩба, зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса рзы, ашьыжь шаанӡа. Убри аҽны, ахәылбыҽха дара ирылшеит ақалақь ахы ақәиҭтәра. Жьҭаарамза фба рзы Ҧсоу аҳәааҿы Аҧсуа бираҟ ахаргылан. Шықәсык инацны ицоз аҧсуа қырҭуатә еибашьраҿы раҧхьатәи иааиран. Араион 48 мшы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан . Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит шәи жәибжьҩык Аҧсны аҵеицәа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жьҭаара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31