АЖӘАБЖЬҚӘА

Aшәахьа, 06 Жьҭаара 2025 22:45

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы иақәиҭтәуижьҭеи ҩажәи жәаха шықәса ҵит (архив)

Ҳаибашьцәа ажәылара иалагеит жьҭаара ҩба, зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса рзы, ашьыжь шаанӡа. Убри аҽны, ахәылбыҽха дара ирылшеит ақалақь ахы ақәиҭтәра. Жьҭаарамза фба рзы Ҧсоу аҳәааҿы Аҧсуа бираҟ ахаргылан. Шықәсык инацны ицоз аҧсуа қырҭуатә еибашьраҿы раҧхьатәи иааиран. Араион 48 мшы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан . Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит шәи жәибжьҩык Аҧсны аҵеицәа .

 

Media

Архив новостей

« Жьҭаара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31