Арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл иаҭааны иҟаз ҳџьынџьуаа лыдылкылеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ахантәаҩы Ирина Агрҧҳа. Аҧхарратә ҟазшьа змаз аиҧылара шымҩаҧысыз атәы дазааҭгылоит Сырма Ашәҧҳа.