АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхаша, 08 Жьҭаара 2025 23:51

Аҧсны иреиҵаӡоу ауалафахәы ҩажәа нызқь мааҭ ҟалоит

Аҧсны иреиҵаӡоу ауалафахәы ҩажәа нызқь мааҭ ыҟазарц шьақәнаргылеит аминистрцәа реилазаара. Иазгәаҭатәуп, ҳазҭоу ашықәс азы ахныҟәгаразы иреиҵаӡоу ауалафахәы жәаф нызқьи ҩышә мааҭи ҳәа ишышьақәырҕәҕәаз. Уажәы иацырҵаз ақәҵара амч аиуеит ҩ-нызқьи ҩажәи фба шықәса ажьырныҳәамза акы инаркны. Ацитрустә шәырқәа иреиҵаӡоу ахәқәа шьақәдыргылеит. 45 мааҭ кьылак азы-амандаринеи апатырқали, ҩынҩажәи ҩба мааҭ -алимон, жәа мааҭк - кьылак зынӡа зхаҭабзиара ҳаракым ашәыр. Ажәабжь иацылҵоит Наала Чхьынџьериаҧҳа.
 

Media

Архив новостей

« Жьҭаара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31