

Абарҭ амшқәа рзы ҳреспубликаҿы имҩаҧысуеит Урыстәылатәи аҳақьымцәа рымчала Аҧсны инхо ауааҧсыра ргәабзиара аҭагылазаашьа агәаҭара. Уажәы ишәыдаагалоит мышқәак раҧхьа ҳкорреспондентцәа Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан иҟарҵаз анҵамҭа.
37 шықәса инеиҧынкыланы асцена иазааҧсахьоу акәашаҩцәа Аҧсны акәым, аҳәаанырцәгьы имаҷуп. Аҧсны жәлар рартист Маиа Гьерзмааҧҳа арҭ ашықәсқәа зегь ахәаҧшцәа лыршанхон. Гәдоуҭатәи Акультура аҩны ахыбраҿы имҩаҧысит акәашаҩ илызкыз ахәылҧаз.
Аҧсныи ақалақь Ҧскови ирыбжьоу аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, ҳреспублика иаҭааны иҟоуп Ҧсков ақалақь аҟынтәи аҵарашықәс иалагӡаны еиуеиҧшым аолимпиадақәа рҿы зҽалызкааз аҵаҩцәа гәыҧҩык. Ара рыҟазаара иалагӡаны, дара аҭаахьеит ҳреспублика аҭыҧ ҧшӡарақәа маҷымкәа.Иахьа дара аҭааит Аҧснытәи анаукаҭҵааратә абнаҧышәаратә станциа.