
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tvАр ркомандаҟаҵаҩ хада, Аҧсны Ахада Бадра Гәынба Очамчыра,Тҟәарчал,Кәтол, Гәдоуҭа азыҟаҵарақәа ирылахәу архәҭақәа дырҭааит вертолиотла. Раҧхьаӡа Тҟәарчал итәеит. Атәыла Ахада ицын Атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи Арбџьармчқәа рыштаб Хада аиҳабы Владимир Савченкои, Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуеи. Атәыла Ахада иазгәеиҭеит, ҳаамҭазтәи аибашьра аҭагылазаашьа азгәаҭаны, арратә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра шаҭаху. Иахьатәи азыҟаҵарақәа рҽеихшаны ирылахәын АТ аҭыхратә гәыҧқәа. Ажәабжь иацылҵоит Фатима Гьергьиаҧҳа.