

Ираамҭоуп ашьақәыргыларатә сессиа ишахысыз атәы зҳәо арҵаҩцәа аршаҳаҭгақәа рыҭара. Сынтәа иара азырхан асахьаҭыхратә ҟазара , арҵаҩи аҵаҩи русеицура, ахәыҷы амаҭәари атемеи агәыбылра иркра уҳәа реиҧш иҟаз атемақәа. Аусмҩаҧгатә еиҿкаан Аҧсны аҵара аминистрреи , Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситети, аквалификациа аизырҳареи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи рцентриеиқәшаҳаҭны.
Атәыла Ахада Бадра Гәынба Иусҧҟа инақәыршәаны, ҳазҭоу ашықәс аҧыза ду ишықәсны ирылаҳәоуп. Ашықәс иалагӡаны ареспублика аҩныҵҟа еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа еиҿыркаауеит. Акультура аминистрра аусзуҩцәа раионцыҧхьаӡа иаҭааны , Аҧсны раҧхьатәи Ахада изку афильм ддырбоит. Ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа ҳҭоурых афырхацәа рыхьӡ анаунагӡатәра иазырхоуп.
Зыҧсадгьыл ахьчара амаҵ азызуа афицерцәа ҿарацәеи, аинралцәеи , аибашьра аветеранцәеи злахәыз аиқәшәара мҩаҧысит Атәылахьчара аминистрра Аштаб Хада ахыбраҟны.