Ҭырқәтәыла инхо , Апсны зынӡа иаанымхаз аԥсуа етнографиатә гәыԥ - аҳҷыԥсаа нхон Гәыбаадәы ҳәа иахьашьҭаз иаакәыршаны . Ари ҳдырраҭара азкуп Ҭырқәтәыла аҳҷыԥсаа рацәаҩны иахьынхо Ефҭениа ақыҭа .
Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи амузеи аҟны имҩаҧысит аишьцәа Анзори Зураби Ҭраҧшьаа ирызку ашәҟәы аӡыргара . Уи авторс дамоуп ажурналист , апрофессор Екатерина Бебиаҧҳа . Атема иацырҵоит ҳкорреспондентцәа
Имҩаҧысит Аҧсны жәлар реизара изаамҭанытәу аилатәара. Жәларабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа ҳәаақәызҵо азакәан апроект ахәҭаҷқәа аиҭакрақәа алагалоуп. Аиҳабыра рхаҭарнакцәа Жәларабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рнапы анаҵарҩлак ашьҭахь, Жәлар реизарахь инарышьҭуазҭгьы, уажәшьҭарнахыс раҧхьа адепутатцәа ирыдгалахоит . Иара убас актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит азакәан апроектқәа хҧа; «Аҳәынҭқарратә аахәатәқәеи», «Авалиута аҭышәныртәалареи ахылаҧшреи», «Ашәахтәқәҵаратә система мариази».