* Aсабша, 24 Жәабран 2024
Сабшала 24.02.2024
Иахьатәи ҳҭыжьымҭаҿы:
01:05 1. Аҟазара ашкол;
09:20 2 Хәы змаӡам –акадрқәа –аенергетикцәа реиҵааӡара алзыршо акласс;
17:40 3. Ателербагақәа рыдагьы аинтернет ресурсқәа рахь ииасыз ахәаҧшцәа рҭахрақәа ирықәшәома Амилаҭтә телехәаҧшра адаҟьа .
25:03 4. Дырмит Гәлиа диижьҭеи шәи ҩынҩажәи жәаба шықәса аҵра иазку амузыкалтә-сахьаркыратә композициа.
Абарҭ атемақәеи егьырҭ ажәабжьқәеи ҳарзааҭгылоит асабшатәи ҳҭыжьымҭаҿы.
Агәам-сам аус ахьадыруло аҭыҧ аартхоит иаарласны
Хәажәкыра мза аламҭалаз Гәылрыҧшь араион аҿы иаадыртраны иҟоуп агәамсам аус адуларҭатә ҭыҧ. Ҧшьынҩажәи жәаба процент аусурақәа нагӡоуп. Ҳҭыхратә гәыҧ аҭааит уи аҭыҧ. Ирбаз ираҳаз атәы анҵамҭаҿы.
Урыстәылатәи арҵаҩцәа-аметодистцәа Гәдоуҭәатәи абжьаратә школқәа рҿы аурокқәа мҩаҧыргоит
Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа ибзоурала хышықәса ҵуеит Урыстәылатәи арҵаҩцәа-аметодистцәа аҧышәеимдаразы ареспублика иаҭаауеижьҭеи. Сынтәа дара алекциақәа мҩаҧыргоит Гәдуоҭа араион аҟны. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
«Аҧсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа» рзы азакәан арҿыцрақәа ралагалара иалацәажәеит адепутатцәа
Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар реизара Жәларабжьаратәи апараламент бжьаратәи, ҳџьынџьуаа реимадареи рзы аилак аиалатәара. Уаҟа иахәаҧшын Жәларабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа ҳәаақәызҵо азакәан апароект ахәҭаҷқәа аиҭакрақәа ралагалара .