АЖӘАБЖЬҚӘА

* Нанҳәа 2025

Нанҳәа жәиҧшь рзы хынҩажәихәба шықәса ихыҵит Аҧсны афырхаҵа, аполитикатә партиа «Амацахара» алахәыла Реваз Тапагуа .Ҳтәылазы иуадаҩыз аамҭақәа раан иара илиршаз рацәоуп. Аибашьара адәаҿы гәымшәарыла ихы ааиарҧшуан,раҧхьатәи амшқәа инадыркны аҵыхәтәанынӡа иабџьар кны иҧсадгьыл ихьчон.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Ҩеижәи жәаха шықәса раҧхьа, абри амш аҽны, ақырҭуа ир, бџьарла еиқәных Аҧсны иақәлеит. Зықьҩыла аҧсуаа рыҷкәынцәеи, аешьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәеи рыжәҩа еибырҭеит ҳаҧсадгьыл ахьчаразы. Ҩаҧхьа Аҧсны иқәҩит ааҧхьара «Шәнеибац». Аҧсны аҧацәеи аҧҳацәеи рхы ахҭнырҵеит Аиааира. Ҳҳәынҭқарра ахыи аҵыхәеи иахьа лахьеиқәҵароуп. Иргәаладыршәоит агәымшәақәа, ашәҭқәа шьҭарҵоит аҳаҭгәынқәа рҿы.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса , август жәиҧшь рыҽны Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа Аҧсны иалалеит. Раҧхьаӡа дара ирҿагылеит Очамчыра араион Охуреи ақыҭан иҟаз ареспублика аҩныҵҟатәи ар рполк аруаа. Аха амчқәа еиҟарамызт. Убри азы ауп дара ҧынгылада Гәылрыҧшь араион Агәыдзера аҳабла аҟынӡа изааиз. Ара иҟаз аидыслара анаҩс, Аҟәаҟа амҩа иқәлеит ақырҭқәа. Иахьа агәалашәара амш аҽны Аҧсны анапхгара ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәатәи Ахьӡ- аҧша апарк аҿы игылоу аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵани, Аҧсны раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориалтә комплекси рҿы .
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 13 Нанҳәа 2025 21:22

Амшеикәшара 13.08.2025

Икьыԥхьуп КОНТАКТЫ
Хынҩажәи жәаа шықәса дшырҭагылаз иҧҭазаара далҵит аибашьра аветеран, Леон иордени Ахьӡ-Аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡареи занашьоу Заур Бақа-иҧа Быҭәба. Апатриот ду дахьҳаҧхаз гәалсра дула ирыдыркылоит дыздыруа зегьы.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Афон Ҿыц иҟоу Симон Кантәи иныҳәарҭа еиҿкааны иамоу агәыҳалалратә фонд уажәшьҭа инеиҧынкыланы акыршықәса ҵуеит ашкол аҭалара аамҭа анааилак, зҭагылазаашьа уадаҩу, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа ирыцхраауеижьҭеи. Арҭ амшқәа рзы ахәыҷқәа реилаҳәаразы гәыҧ-гәыҧла ақалақь ашҟа иааргоит.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Аҧхын аҧара зырҳарц зҭаху ахәаахәҭра знапы алаку ауааҧсыра рхыҧхьаӡара рацәоуп. Дара аҭыҧнатәи аалҵқәа ҳәа ахьӡ рыҭан урҭ иреиҧшу аҭира иалагоит, аха иабанӡаҳараку урҭ рхаҭабзииара? Асасцәа ирыдаагало аалыҵ аҧырхага рнаҭар алшома? Урҭқәа зегьы гәазҭо, аилагарақәа алызкаауа астандартқәеи ахархәагақәеи атехникатә хылаҧшразы аҳәынҭқарратә еилакы аусзҩцәа араионқәа рҿы имҩаҧыргоит агәаҭарақәа. Убас, Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра рраионқәа рҿы арыжәтә џьбара ахаҭабзиара ахьынӡаҳараку аилкааразы аусмҩаҧгатәқәа еиҿкаан. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондкентцәа.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Абри амш аҽны, ашьыжь асааҭ фба рзы, Аҧсны архәҭақәа Кәыдрытәи аҩхааҿынтәи Қырҭтәыла архәҭақәа рыҭцаразы ажәылара иалагеит. Уаанӡа, ҩымш инеиҧынкыланы Аҧсны арбџьармчқәа абзарбзанқәеи аҳаирпланқәеи рыла Кәыдрытәи аҳаракыраҿы иҟаз аҕа ихырҕәҕәарҭақәа иреихсуан. Ҩ-нызқьи аа-шықәса, нанҳәа мза ааба инаркны Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи имҩаҧысуаз аҭоурыхтә хҭысқәа ирызкуп аҧсуа телехәаҧшра архив аҟынтәи ишәыдаагало анҵамҭа.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 11 Нанҳәа 2025 22:06

Амшеикәшара 11.08.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Нанҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31