АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҧшьаша, 14 Нанҳәа 2025 20:27

Иахьа 33 шықәса ҵуеит Қырҭтәылеи Аҧсныи реибашьра иалагеижьҭеи

Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса , август жәиҧшь рыҽны Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа Аҧсны иалалеит. Раҧхьаӡа дара ирҿагылеит Очамчыра араион Охуреи ақыҭан иҟаз ареспублика аҩныҵҟатәи ар рполк аруаа. Аха амчқәа еиҟарамызт. Убри азы ауп дара ҧынгылада Гәылрыҧшь араион Агәыдзера аҳабла аҟынӡа изааиз. Ара иҟаз аидыслара анаҩс, Аҟәаҟа амҩа иқәлеит ақырҭқәа. Иахьа агәалашәара амш аҽны Аҧсны анапхгара ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәатәи Ахьӡ- аҧша апарк аҿы игылоу аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵани, Аҧсны раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориалтә комплекси рҿы .
 

Media

Архив новостей

« Нанҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31