АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҧшьаша, 14 Нанҳәа 2025

Aҧшьаша, 14 Нанҳәа 2025 22:19

Амшеикәшара 14.08.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, ацхыраара зырҭаз араса аус адызуло анаплакқәа русушьа гәеиҭеит.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Нанҳәа жәиҧшь рзы хынҩажәихәба шықәса ихыҵит Аҧсны афырхаҵа, аполитикатә партиа «Амацахара» алахәыла Реваз Тапагуа .Ҳтәылазы иуадаҩыз аамҭақәа раан иара илиршаз рацәоуп. Аибашьара адәаҿы гәымшәарыла ихы ааиарҧшуан,раҧхьатәи амшқәа инадыркны аҵыхәтәанынӡа иабџьар кны иҧсадгьыл ихьчон.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Ҩеижәи жәаха шықәса раҧхьа, абри амш аҽны, ақырҭуа ир, бџьарла еиқәных Аҧсны иақәлеит. Зықьҩыла аҧсуаа рыҷкәынцәеи, аешьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәеи рыжәҩа еибырҭеит ҳаҧсадгьыл ахьчаразы. Ҩаҧхьа Аҧсны иқәҩит ааҧхьара «Шәнеибац». Аҧсны аҧацәеи аҧҳацәеи рхы ахҭнырҵеит Аиааира. Ҳҳәынҭқарра ахыи аҵыхәеи иахьа лахьеиқәҵароуп. Иргәаладыршәоит агәымшәақәа, ашәҭқәа шьҭарҵоит аҳаҭгәынқәа рҿы.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса , август жәиҧшь рыҽны Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа Аҧсны иалалеит. Раҧхьаӡа дара ирҿагылеит Очамчыра араион Охуреи ақыҭан иҟаз ареспублика аҩныҵҟатәи ар рполк аруаа. Аха амчқәа еиҟарамызт. Убри азы ауп дара ҧынгылада Гәылрыҧшь араион Агәыдзера аҳабла аҟынӡа изааиз. Ара иҟаз аидыслара анаҩс, Аҟәаҟа амҩа иқәлеит ақырҭқәа. Иахьа агәалашәара амш аҽны Аҧсны анапхгара ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәатәи Ахьӡ- аҧша апарк аҿы игылоу аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵани, Аҧсны раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориалтә комплекси рҿы .
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Нанҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31