АЖӘАБЖЬҚӘА

* Нанҳәа 2025

Aхаша, 27 Нанҳәа 2025 06:09

Амшеикәшара 26.08.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Нанҳәамза ҩеижәи хәба рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театр аҟны имҩаҧысит, 94-тәи атеатралтә сезон ахыркәшара иадҳәалоу аусмҩаҧгатә. Иааидкыланы ашықәс иалагӡаны ақәыргыламҭақәа рахьтә еилкаахеит ахәаҧшыҩцәа рыбжьы зырҭаз еиуеиҧшым аноменациақәа рҿы аиааира згаз атеатр арҿиаҩцәа.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҟны, Бахрушин ихьӡ зху Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә театртә музеи ацхыраарала амузеи ҿыц аадыртит . Аартра иалахәын Атәыла хада Бадра Гәынба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, акультура аминистрра ахаҭарнакцәа ,ауааҧсыра. Атема иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Иҵит жәибжь шықәса Аҧсны аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азхаҵара аиуижьҭеи. Уажәы ҳаиҭарзыхынҳәып арҭ аполитикатә хҭысқәа.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Аҧсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны есышықәса атәыла анапхгареи ауаажәларра рхаҭарнакцәеи аҭаауеит Аҧсны аҩбатәи ахада анышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭа,избанзар ари арыцхә наунагӡа иара ихьӡ иадҳәаланы иаанхоит.Сергеи Уасил иҧа Багаҧшь иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба,Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба,аҧыза-министр Владимир Делба,аиҳабыра рхаҭарнакцәа,ауаажәларра.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Нанҳәа 26 Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьыҧшымра азхаҵара амш. Ари аҧсуа жәлар акыр шықәса иззыҧшыз ахҭыс иҧшьоу мшны иаанхоит. Сынтәа жәибжь шықәса ҵит Урыстәыла Афедерациа Аҧсны ихьыҧшыму зхы иақәиҭу ҳәынҭқарраны иазханаҵеижьҭеи . Ари амш аҳаҭыр азы Аҧсны Ахада Бадра Гәынбеи, жәлар реизареи , аиҳабыреи, аибашьра аветеранцәеи , аиҳабыра рхаҭрнакцәеи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсадгьыл ахьчара аан иҭахаз аҵеицәа Аҟәатәи рбаҟа амҵан. Иара убасгьы дара аҭааит Аҧсны актәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыратәи амемориалтә комплекс.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 26 Нанҳәа 2025 05:44

Амшеикәшара 25.08.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Аҵаҩцәа адыррақәа ахьдырҳауа ашколқәа изыхәҭоу арҵагашҟәқәа рыла реиқәыршәаразы Аҧсны аҵара аминистрра есышықәса ашколқәа ирзымхо ашәҟәқәа рзыршоит. Уажәазы 13 нызқь инареиҳаны Аҧсны иҭыҵуа арҵагашәҟәқәа ахәбатәи акласс инаркны, ажәеизатәи акласс аҟынӡа хәыда-ҧсада араионқәа зегьы ирыҭоуп.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Аҧсабараҿы иҟаз абеиарақәа реиҭашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны, Аҧсны Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа иаҧшьгарала, Ҧсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырҧссараҿы иааӡаны абна илараҵарц ргәы иҭоуп иахьа ҳтәылаҿы иҟам, акыршықәсқәа раҧхьа ианыӡаахьоу ашәарахқәа - аҽацәқәеи адомбеиқәеи. Иахьазы ари аҳәырҧсарраҿы иҭакны ирааӡоит аҽацәқәа, шықәсык иалагӡаны аизҳарагьы роуит. Ари аҭыҧ даҭааны ибеит аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа. Иара убасгьы ҳҭыхратә гәыҧ аҭааны ирбеит ашыц аҿиара иахьаҿу Камантәи абнақәа руак.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Икьыԥхьуп Ҳара ҳхаан

Архив новостей

« Нанҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31