АЖӘАБЖЬҚӘА

* Нанҳәа 2025

Нанҳәамза ааба ауха Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны амш цәгьа иахҟьаны ибгаз адгьыл амҩа анаркит. Ихыҵыз аӡырҩаш машьынак агеит, ашахамҩа ахьгылаз аҭыҧ аҟәыбеит. Аҧсны ахада Бадра Гәынба идҵала аӡхыҵра ахьыҟалаз аҭыҧахь дцеит Аҧыза-министр Владимир Делба.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aсабша, 09 Нанҳәа 2025 06:00

Аҧырсал. Лоуқыҭ (Ҭырқәтәыла)

Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aҧшьаша, 07 Нанҳәа 2025 21:48

Амшеикәшара 07.08.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Апоетесса, ажурналистка, апатриот ду, Леон иорден знашьоу Саида Делба диижьҭеи хынҩажәа шықәса аҵра инамаданы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны лгәалашәара иазкыз ахәылҧаз мҩаҧысит.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Альфа ашкол аҿы имҩаҧысит Нхыҵ-Уаҧстәылатәи агәыҧ «Нарҭаа» инарыгӡо апроект «Потомок Нартов» захьӡу акомикс аӡыргара. Апроект анагӡара алыршахеит Урыстәылатәи аиҿкаара «Росмолодежь» иаҧнаҵаз агрантқәа рыбзоурала. Иара хықәкыс иамоуп Кавказ иқәынхо ажәларқәа ирзеиҧшу аепос, ашколқәратәи ахәыҷқәа рҟынӡа анагара, насгьы иара зҿаҧыц рҿиамҭа иалоу ажәларқәа реизааигәатәра.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Иаарласны иқәыргылахоит иаахәаны иаагоу аӡынашьҭыгақәа. Амыруга ҿыцқәа ахархәара рыҭахоит араион еиҳа иахьаҭаху аҭыҧқәа рҿы.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Акультура-усутә платформа Гәма имҩаҧысит Урыстәылатәи афедерациа ахада Владимир Путин ифонд агрантқәа рыла Аҧсны имҩаҧысуа «Созидатели Абхазии» захьӡу аконкурс аӡыргара. Аусмҩаҧгатә иалахәын атәыла ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа ахада иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Кириенкои.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 07 Нанҳәа 2025 06:46

Уарада . Ҳаири Қәҭарба

Икьыԥхьуп Уарада
Aҧшьаша, 07 Нанҳәа 2025 05:45

Амшеикәшара 06.08.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Иара еиқәыршәоуп иахәҭоу маругала; апандусқәа,иҷыдоу амҩахәасҭақәа,аҧсшьарҭақәеи,ареабилитациатә ҭыҧқәеи рыла. Аинклиузивтә проект аҧшьган «Аҧсны акоманда» афиналист Руслана Гьергьедаа лажәалагалала .Атема иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Нанҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31