Альфа ашкол аҿы имҩаҧысит Нхыҵ-Уаҧстәылатәи агәыҧ «Нарҭаа» инарыгӡо апроект «Потомок Нартов» захьӡу акомикс аӡыргара. Апроект анагӡара алыршахеит Урыстәылатәи аиҿкаара «Росмолодежь» иаҧнаҵаз агрантқәа рыбзоурала. Иара хықәкыс иамоуп Кавказ иқәынхо ажәларқәа ирзеиҧшу аепос, ашколқәратәи ахәыҷқәа рҟынӡа анагара, насгьы иара зҿаҧыц рҿиамҭа иалоу ажәларқәа реизааигәатәра.