Нанҳәамза ааба ауха Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны амш цәгьа иахҟьаны ибгаз адгьыл амҩа анаркит. Ихыҵыз аӡырҩаш машьынак агеит, ашахамҩа ахьгылаз аҭыҧ аҟәыбеит. Аҧсны ахада Бадра Гәынба идҵала аӡхыҵра ахьыҟалаз аҭыҧахь дцеит Аҧыза-министр Владимир Делба.