АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхаша, 27 Нанҳәа 2025 05:58

Нанҳәа 26 рзы Аҧсны иазгәарҭеит ҳтәыла ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш

Нанҳәа 26 Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьыҧшымра азхаҵара амш. Ари аҧсуа жәлар акыр шықәса иззыҧшыз ахҭыс иҧшьоу мшны иаанхоит. Сынтәа жәибжь шықәса ҵит Урыстәыла Афедерациа Аҧсны ихьыҧшыму зхы иақәиҭу ҳәынҭқарраны иазханаҵеижьҭеи . Ари амш аҳаҭыр азы Аҧсны Ахада Бадра Гәынбеи, жәлар реизареи , аиҳабыреи, аибашьра аветеранцәеи , аиҳабыра рхаҭрнакцәеи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсадгьыл ахьчара аан иҭахаз аҵеицәа Аҟәатәи рбаҟа амҵан. Иара убасгьы дара аҭааит Аҧсны актәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыратәи амемориалтә комплекс.
 

Media

Архив новостей

« Нанҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31