АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҩаша, 12 Нанҳәа 2025 21:29

Астандартқәеи, ахархәагақәеи атехникатә хылаҧшразы аҳәынҭеилакы аусзуҩцәа имҩаҧыргоит агәаҭарақәа

Аҧхын аҧара зырҳарц зҭаху ахәаахәҭра знапы алаку ауааҧсыра рхыҧхьаӡара рацәоуп. Дара аҭыҧнатәи аалҵқәа ҳәа ахьӡ рыҭан урҭ иреиҧшу аҭира иалагоит, аха иабанӡаҳараку урҭ рхаҭабзииара? Асасцәа ирыдаагало аалыҵ аҧырхага рнаҭар алшома? Урҭқәа зегьы гәазҭо, аилагарақәа алызкаауа астандартқәеи ахархәагақәеи атехникатә хылаҧшразы аҳәынҭқарратә еилакы аусзҩцәа араионқәа рҿы имҩаҧыргоит агәаҭарақәа. Убас, Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра рраионқәа рҿы арыжәтә џьбара ахаҭабзиара ахьынӡаҳараку аилкааразы аусмҩаҧгатәқәа еиҿкаан. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондкентцәа.
 

Media

Архив новостей

« Нанҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31